Print this page

АСЛАН БЖЬАНИА АРЕСПУБЛИКА НИКАРАГУА АҾЫ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АԤҴАРА АЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Ашәахьа, 22 Абҵара 2021 13:27 205

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Никарагуа Аҧсны Аҳәынҭқарра  Ацҳаражәҳәарҭа аҧҵара азы Аусҧҟа ҭижьит.

«Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагууеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара инамаданы, Ареспублика Никарагуа ақалақь Манагуа аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҧҵазааит», - ҳәа иаҳәоит Аусҧҟа атекст.

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 21:18