Архив издания

июль 2010 - июнь 2022

Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30            

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АДЕЛЕГАЦИА СУДАК АҚАЛАҚЬ ИМҨАԤЫСУА УРЫСТӘЫЛАЗЕГЬТӘИ АКОНФЕРЕНЦИА АХЫ АЛАНАРХӘУЕИТ.

Аҩаша, 12 Жьҭаара 2021 11:19 276

 Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа напхгара зиҭо Аминистрра аделегациа авариа-еиқәырхаратә маҵзурақәеи авариа-еиқәырхаратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа Урыстәылазегьтәи аконференциа аусура ахы аланырхәуеит. Аконференциа жьҭаарамза 11 – 13 рзы Ареспублика Ҟрым ақалақь Судак имҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аконференциа аиҿкааҩ -  ауаажәларратә еиҿкаара «Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылара». Аконференциа ахь иааит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи, иара убас «РОССОЮЗСПАС» арегионлтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи. 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:56