Архив издания

июль 2010 - июнь 2022

Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30            

55-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аҧсҟы ахьыркыз азы ахьырхәра иақәыршәоуп.

Амҽыша, 30 Нанҳәа 2020 17:51 624

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа уахи-ҽни еиҧынкыланы ареидқәа мҩаҧыргоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30. Аҧсныпресс.  Ашәарҭадареи азинлеишәеи рышьақәыргылареи, иара убас азинеиларгарақәа рыҧхьырҟәҟәаареи – амилици аусура ахықәкы хадақәа иреиуоуп.

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, ареидқәа рымҩаҧгараан Автоҳәынҭинспекциа аҟәшеиҵақәеи ауаажәларратә шәарҭадара амилициеи русзуҩцәа ҳазҭоу амчыҩжь иалагӡаны иаадырҧшит  амҩатә ныҟәара аҿы аҧҟарақәа реилагара иадҳәалоу 1030 факти, 41 инарзынаҧшуа административтә зинеилагарақәеи.

55-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аҧсҟы ахьыркыз азы ахьырхәра иақәыршәоуп, 6-ҩык Ареспублика Аҧсны административтә еилагарақәа рзакәанеидкыла ахәҭаҷ  45 инақәыршәаны, аанкылареи ахараҧса ашәареи раҳасабала административтә ҭакҧхықәра рыдҵоуп.