Архив издания

июль 2010 - июнь 2022

Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30            

АԤСНЫТӘИ АКАРАТИСТЦӘА МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСУАЗ АИЦЛАБРАҚӘА РҾЫ 8 МЕДАЛК РАНАШЬАХЕИТ.

Ашәахьа, 25 Жьҭаара 2021 11:13 315

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Акаратеномичи азы Аԥсны еизгоу акоманда Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз аинрал-маиор Геннади Заицев ихьӡ зху аицлабрақәа "Аиааира агареи ахынҳәреи» рҿы 8 медалк ранашьахеит.

Аицлабрақәа Москва ақалақь аҿы жьҭаарамза 24 рзы имҩаԥысуан.  

Аԥсны аспорт азы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, акаратеномичи азы аиааира игеит, 75 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аспарринг (Себу иппон кумитэ) аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Геннади Ҵулаиа. 

Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит 75+ ҳәа акапантә категориа иаҵанакуа  рыбжьара иқәгылоз  Смел Саӡба.

Аԥснытәи аспортсменцәа акарате еиуеиԥшым ахкқәа рҿы иқәгылон: Иахара ката, ката каратеномичи, ката Шотокан, тамесивари, кумите Шотокан.

Иарбоу ахырхарҭақәа рыла аспортсменцәа иааныркылеит аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа.

Аихшьаалатә зшьа аҿы Геннади Ҵулаиа  5 медалк  раиура иҽаԥсаитәит (ахьтәы медалк (1), араӡны медалқәа -2, аџьаз медалқәа - 2), Смел Саӡба  иакәзар – 3 медалк ианашьахеит  (араӡны медал -1, аџьаз медалқәа- 2) .

Аԥсны еизгоу акоманда напхгара аиҭон акаратеномичи азы жәларбжьаратәи акласс иаҵанакуа аспорт азҟаза, Аԥсны акаратеномичи Афедерациа Апрезидент Ҭемыр Ҵулаиа.   

 

Last modified on Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 18:34