Архив издания

июль 2010 - июнь 2022

Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30            

ГӘДОУҬАТӘИ АКОВИДТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ ДАҼА КОВИДТӘ ҞӘШАК ААДЫРТРАНЫ ИҞОУП.

Ахәаша, 11 Жәабран 2022 12:41 318

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭатәи аковидтә хәышәтәырҭа аҿы даҽа ковидтә ҟәша аадыртраны иҟоуп. Абри азы иахьа атәыла аҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкны имҩаԥысыз апресс-конференциа аҟны адырра ҟаиҵеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.  

«Ҳара зеиԥш ҟамло акгьы ыҟам ҳәа аковидтә чымазцәа рзы инацҵаны даҽа ҟәшак ааҳартит, ухь уажәы зхы иақәиҭу амедицинатә бригада дәықәаҳҵеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Убри аан агәабзиарахьара аминистр аҵыхәтәантәи аамҭазы ахәышәтәырҭақәа рахь иаауа згәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩу ачымазцәа  рхыԥхьаӡара аизҳара ыҟаны иаабом ҳәа иазгәеиҭеит.  

Зынӡа иахьазы астационарқәа рҿы рҽырхәышәтәуеит 189-ҩык.

Last modified on Ахәаша, 11 Жәабран 2022 18:11